Киев иаха ахысбжьы гон

Киев иаха ахысбжьы гон. Ари атәы ааицҳаит Киев иҟоу Актәи аканал ажурналистцәа.

Киев ахадарантә ишаарыцҳаз, ақалақь аҿы иҟоу адиверсиатә гәыԥқәа ирабашьуеит. Арбџьармчқәа  рдыррақәа рыла, адиверсиатә гәыԥқәа анеитрализациа рзууп. Житомиртәи автотрасса аҟынтә ажәыларақәак мҩаԥган, аха украинатәи аруаа урҭ рыҿагылара рылшеит.

Аидыслара нагӡоит киевтәи азоопарк ааигәарагьы.

Анапхгара атәылауаа рахь ааԥхьара ҟарҵоит идәылымҵырц, рыҩнқәа ма аҽыҵәахырҭақәа рҿы иаанхарц.

Украина ахада иадминистрациа анапхгаҩы ибжьагаҩ ишааицҳаз, шьыжь азы иҟоу адыррақәа рыла иршьхьеит 3500-ҩык иреиҳаны урыстәылатәи аруаа, 200-ҩык ирытҟәеит.