Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра  иӡбыроуп Китаи аҟны аизыҟазаашьақәа, Америка, иаанхоит Қырҭтәыла адгылаҩс
Келли Дегнан – Қырҭтәыла аиҳабыра иӡбыроуп Китаи аҟны аизыҟазаашьақәа, Америка, иаанхоит Қырҭтәыла адгылаҩс

«Қырҭтәыла аиҳабыра роуп изыӡбаша Китаи аҟны изакәытә еизыҟазаашьақәоу ирымазааша,  аҳәынҭқаррақәа рацәа  «Маҟак — мҩак» аинициатива мап ацәыркит, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишубарҭахаз ала, зыӡбахәы ҳәоу аинициатива арҭ атәылақәа хырҳагара рзаанамгеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан.

Дегнан ишылҳәаз ала, Қырҭтәылоуп апартниорцәа алызхуа.

«Қырҭтәыла ари аинициатива ахархәара аҭаххар, уи алҵшәа бзиа ахылҵып ҳәа сгәыҕуеит.  Ари авизит Қырҭтәылазы аҵакы ду шамаз убарҭан. Қырҭтәылоуп апартниорцәа алызхуа.  Америка, аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы ишыҟаз еиҧшҵәҟьа, наҟ-наҟгьы  Қырҭтәыла адгылаҩс иаанхоит.  Ҳусеицура аҭоурых бзиоуп,  лабҿаба иубарҭоу ахырҳагара ахылҵуеит», — илҳәеит  Келли Дегнан.