Келли Дегнан – Асанкциақәа  -  акрызҵазкәа ҳархәагоуп, шәара ҧшьҩык аӡбаҩцәа асанкциақәа шрықәырҵаз шәгәалашәоит, дара Қырҭтәыла адемократиатә мҩеи аӡбаратә система аҿиареи  иаҧырхаган
Келли Дегнан – Асанкциақәа  -  акрызҵазкәа ҳархәагоуп, шәара ҧшьҩык аӡбаҩцәа асанкциақәа шрықәырҵаз шәгәалашәоит, дара Қырҭтәыла адемократиатә мҩеи аӡбаратә система аҿиареи  иаҧырхаган

«Ауаҩҧсы азакәан  иаҿагыло ак ҟаиҵар, мамзаргьы, евроатлантикатә структурақәа ралалара иеиҧш, ақырҭуаа рзы зҵакы дуу азҵаара даҧырхагазар, ишаҧу еиҧш, иара асанкциақәа изышьақәдыргылоит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан  Қырҭтәыла аофициалтә хаҿқәа асанкциақәа рзышьақәыргылара алшара иазкны ианлазҵаа.

Лара ишылҳәаз ала, аусура иамху ҧшьҩык аӡбаҩцәа Қырҭтәыла адемократиатә мҩа иаҧырхаган.

«Асанкциақәа  –  акрызҵазкәа ҳархәагоуп, шәара ҧшьҩык аӡбаҩцәа асанкциақәа шрықәырҵаз шәгәалашәоит, дара Қырҭтәыла адемократиатә мҩеи аӡбаратә система аҿиареи  иаҧырхаган. Зхы иақәиҭу, ииашоу алхрақәа рымҩаҧгареи, абизнес аҿы иҟоу аимакқәа ииашаны реилыргареи, ауаа рзинқәа рыхьчареи уҳәа, мамзаргьы евроатлантикатә структурақәа ралалара иеиҧш, ақырҭуаа рзы зҵакы дуу азҵаара иаҧырхагоу ауаҩы, ишаҧу еиҧш,  асанкциақәа изышьақәдыргылоит», — илҳәеит  Келли Дегнан.

Лара лажәақәа рыла, аӡбаратә система ареформа  — Евроеидгыла 12 абжьагарақәа рыхәҭак мацара акәӡам.

«Ари азҵаара иалацәажәон Ассоциациа иазку аиқәшаҳаҭреи, иара убас,  Қырҭтәыла аиҳабыра рҽалархәрала есышықәса аус здыруло НАТО амилаҭтә программеи рҿы. Қырҭтәыла аиҳабыра инарыгӡараны иҟоу ареформақәа рсиа еиқәыршәоуп. Ааи, апрогресс ду иҟоуп, аха, иаҳа ирацәаны иҟаҵатәуп. Уи акритика акәӡам, уи фактуп, арҭ ареформақәа мҩаҧгатәуп.  Ари аус Қырҭтәыла аиҳабыра рнапаҿы иҟоуп, аха, ареформақәа рымҩаҧгаразы аполитикатә ҭаххара иҟазароуп», — илҳәеит  Келли Дегнан.