Келли Дегнан – Акоррупциа  ишалахәы азы иҵабыргыҵәҟьоу аинформациа аныҟоу зыӡбахәы ҳәоу ҧшьҩык аӡбаҩцәа рыхьчара апрофессионалтә аӡбаҩцәа рыдгылара акәӡам иаанаго
Келли Дегнан – Акоррупциа  ишалахәы азы иҵабыргыҵәҟьоу аинформациа аныҟоу зыӡбахәы ҳәоу ҧшьҩык аӡбаҩцәа рыхьчара апрофессионалтә аӡбаҩцәа рыдгылара акәӡам иаанаго

Қырҭтәыла анапхгара алшара рымоуп аӡбаратә системаҿ акоррупциа иадҳәаланы иҟоу ахарадҵара аилыргаразы, ари апроблема шыҟоу идыруп акыршықәса рыҩныҵҟа, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан Қырҭтәыла апарламентаҿ аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иазкны ажурналистцәа данрацәажәоз.

«Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп ари аус аҿы агха шыҟам. Америка агәра ганы иҟоуп асанкциақәа рышьақәыргыларазы амзызқәа шыҟаз, арҭ ауаа акоррупциа ишалахәы. Авизақәа рыҭара ақәиҭымтәранӡа ҳара шьаҭанкыла анализ ҟаҳҵеит, аинформациа еизаагеит, аинформациа аиҳара аартуп. Аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Блинкен авизақәа рыҭара ақәиҭымтәра дақәшаҳаҭхеит. Ишысҳәаз еиҧш,  Қырҭтәыла анапхгара алшара рымоуп аӡбаратә системаҿ акоррупциа иадҳәаланы иҟоу ахарадҵара аилыргаразы, ари апроблема шыҟоу идыруп акыршықәса рыҩныҵҟа», — илҳеит  Келли Дегнан.

Ишыжәдыруа еиҧш,  иахьатәи апленартә аилатәараҿы аӡбаратә система иадҳәаланы апарламентаҿ аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа аиҿкааразы имҩаҧысраны иҟаз абжьыҭира акворум аҟамзаара амшала изымҩаҧымсит.   Абжьыҭира иалагаанӡа, апарламент аиҳара алидер Иракли Кобахиӡе ишиҳәаз ала, анапхгаратә партиа аӡбарҭа ахьыҧшымреи ақырҭуа аӡбаҩцәеи ирыдгылоит, убри аҟынтә, апарламенттә аиҳара алахәылацәа, акворум иҟамзарц азыҳәан,  иацгьы иахьагьы арегистрациа иахысуам.