Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа анеҩстәи аилатараҿы  Зураб Ҷиаберашвилии, Наҭиа Могелаӡеи, Леван Гачечилаӡеи ирзыӡырҩыр ҟалап
Аамҭалатәи аусеилыргаратә комиссиа анеҩстәи аилатараҿы  Зураб Ҷиаберашвилии, Наҭиа Могелаӡеи, Леван Гачечилаӡеи ирзыӡырҩыр ҟалап

Ҭеа Ҵулукиани лҳәамҭала, ахәашаз имҩаҧысуа аилатәараҿы  2008 шықәсатәи алхрақәа рызҵаара иахәаҧшуеит, нанҳәатәи аибашьра азҵаара еилдыргоит анеҩстәи амчыбжь азы.

«Иахьатәи аилатәара аҩбатәи ахәҭа ахыркәшара ашьҭахь , акомиссиа алахәылацәа аилацәажәара мҩаҧганы, ахәашаз имҩаҧысраны иҟоу аилатәарашҟа Қырҭтәыла Ахратә комиссиа хада ҧасатәи ахантәаҩы Зураб Ҷиаберашвили иааҧхьара азҵаара иахәаҧшуеит. Иара убас,  Наҭиа  Могелаӡегьы дааҳаҧхьар ҟалап,  2012 шықәсатәи апарламенттә алхрақәа рҟнынӡа лара Аҳәынҭқарратә аудитортә маҵзураҿы иашьашәалоу адепартамент дахагылан,а ри адепартамент аполитикатә аидҵарақәа русушьа иахылаҧшуан.

Усҟантәи аоппозициа ахараҧсақәа рықәҵареи раҳаҭыр лазырҟәоз апроцедурақәеи лара лыхьӡ иадҳәалоуп.

Ахәашатәи аилатәарашҟа Леван Гачечилаӡегьы дааҳаҧхьар ҟалап. Иара акыршықәса ирылагӡаны аргама аҳәара даҿын  2008 шықәсатәи апрезиденттә алхрақәа аҩбатәи атур шицәырҕьычыз. Ианаамҭаз, аобиективтә анаҧшцәа рацәа аҩбатәи атур иҧаршеин ҳәа рәәы иаанагон», – илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.