Ҭеа Ҵулукиани - Аилатәарашҟа шәахьааиз иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп, ари Қырҭтәыла апарламент азхаҵара ауп иаанаго, ари ахәшьара бзиа асҭар сҭахуп
Апарламент аамҭалатәи акомиссиаҿ апартиа “Гахариа Қырҭтәылазы” ахантәаҩы Гьаргь Гахариа изыӡырҩуеит.
Акомиссиа ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани акомиссиа еилатәараҿ ишылҳәаз ала, Гьаргь Гахариа аилатәарашҟа дахьнеиз ахәшьара бзиа алҭоит.
“Ҳаҭыр зқәу Гьаргь, еиуеиԥшым аполитикатә ҭыԥқәа анаанышәкылоз шәусзураан ишәыдышәкылаз аӡбамҭақәа ирызкны зҵаарақәак шәзықәҳаргылар ҳҭахуп. Аилатәарашҟа шәахьааиз иҭабуп ҳәа шәасҳәар сҭахуп. Ари Қырҭтәыла апарламент азхаҵара ауп иаанаго, ари ахәшьара бзиа асҭар сҭахуп”, – илҳәеит Ҵулукиани.