Келли Дегнан – ВВС имҩаҧнагаз аусеилыргара акрызҵазкәа компонентуп, Қырҭтәыла анапхгара, дара ирызцәырыргаз ахарадҵарақәа реилыргара алшара роуп ҳәа сгәыҕуеит
Келли Дегнан – ВВС имҩаҧнагаз аусеилыргара акрызҵазкәа компонентуп, Қырҭтәыла анапхгара, дара ирызцәырыргаз ахарадҵарақәа реилыргара алшара роуп ҳәа сгәыҕуеит

«ВВС имҩаҧнагаз аусеилыргара акрызҵазкәа компонентуп, Қырҭтәыла анапхгара, дара ирызцәырыргаз ахарадҵарақәа реилыргара алшара роуп ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ  Келли Дегнан.

Ацҳаражәҳәаҩ илазҵааит Америка Давиҭ Кезерашвили асанциақәа изышьақәыргылара ргәы иҭоума, Америка ВВС аинформациа агәра ргома ҳәа.

Келли Дегнан ишылҳәаз ала, Америка, асанкциақәа ирызкны заанаҵы аҳәамҭа ҟарҵом.

«Ари аҿырҧштәы лабҿаба иҳнарбеит аусеилыргаратә журналистика  аҵакы ду шамоу. Иаартуи иаркуи ахыҵхырҭақәа рышьаҭала анапхгара имҩаҧырго аусеилыргарагьы аҵакы ду амоуп ажәлар абри аҩыза аинформациа рызцәыргаразы. Аконкреттә шьаҿақәа ҟаҳҵаанӡа, ҳара ҳхала ахәшьараҭаратә процесс мҩаҧаагоит. ВВС имҩаҧнагаз аусеилыргара акрызҵазкәа компонентуп, Қырҭтәыла анапхгара, дара ирызцәырыргаз ахарадҵарақәа реилыргара алшара роуп ҳәа сгәыҕуеит», — илҳәеит  Дегнан.