Деви Чанкотаӡе иҳәамҭала, ВВС иаланарҵәаз аматериалқәа Давиҭ Кезерашвили  иҿагыланы имҩаҧырго апиар еиқәа ауп
Деви Чанкотаӡе иҳәамҭала, ВВС иаланарҵәаз аматериалқәа Давиҭ Кезерашвили  иҿагыланы имҩаҧырго апиар еиқәа ауп

«Давиҭ  Кезерашвили  аколл-центрқәа раҧҵареи русура аиҿкаареи ада уаҳа ус имамзшәа», —  иҳәеит   «Амилаҭтә ҵысра» иалахәы  Деви Чанкотаӡе ВВС иаланарәаз аматериалқәа ирыдҳәаланы.

Чанкотаӡе иажәақәа рыла, уи  «Кезерашвили иҿагыланы имҩаҧырго аинформациатә еибашьра аметодқәа иреиуп».

«Ҳазынтәгьы ишаабо еиҧш, уи Кезерашвили иҿагыланы имҩаҧырго апиар еицәа хәҭак ауп. Давиҭ Кезерашвили аколл-центрқәа раҧҵареи русура аиҿкаареи ада уаҳа ус имамзшәа. Кезерашвили доппозиционеруп, аоппозициаа дрыдгылоит, уажәтәи аинформациагьы иара иҿагыланы имҩаҧырго аинформациатә еибашьра аметодқәа иреиуп», — иҳәеит  Чанкотаӡе  «Русҭави 2» аефираҿ.