BBC ицәырнагеит европатәи атәанчуаа рцәырҳәра иазкыз ажурналисттә усеилыргара алҵшәақәа,  иаарҧшыз аҕьычратә схема аиҿкааҩс дарбоуп Давиҭ Кезерашвили
BBC ицәырнагеит европатәи атәанчуаа рцәырҳәра иазкыз ажурналисттә усеилыргара алҵшәақәа,  иаарҧшыз аҕьычратә схема аиҿкааҩс дарбоуп Давиҭ Кезерашвили

BBC ицәырнагеит европатәи атәанчуаа рцәырҳәра иазкыз ажурналисттә усеилыргара алҵшәақәа,  иаарҧшыз аҕьычратә схема аиҿкааҩс дарбоуп Давиҭ Кезерашвили.

BBC адыррақәа рыла,  акиберацәгьауцәа рглобалтә аҳа алахәылацәа аинвесторцәа аҧара рцәырҕьычит.  Азарал миллиард адоллар иаҟароуп. Ари аинформациа аладырҵәеит ателееилахәыра ажурналистцәа – аусеилыргаҩцәа.

Ажурналисттә усеилыргара инақәыршәаны, аханатә ацәгьахәыцҩцәа, аҭелла ауааҧсыра ирацәажәаны, аҧара арҳара имариоу асхема рыдаргалон, анеҩс, ркредиттә картақәа рдыррақәа рымхны, аҧара рцәырҕьычуан.

BBC адыррала, ари аус иалахәын  125 еилахәырақәа, урҭ иреиуп Қырҭтәыла аус зуа, акриптовалиутала ихәаахәҭуа афирма  Solo Capitals.

Ажурналистцәа рдыррақәа рыла, аполициа ари аҳа рдыруеит  «Милтон гәыҧ» ахьӡала.

ВВС ажурналистцәа иадырбаз ажәлақәа панаматәи адокументқәа рҿгьы иарбоуп, урҭ иреиу  Гогешвилии, Мгелаӡеи,  Маикл Бенимини афшортәи аилахәырақәа рҿы анапхгаратә ҭыҧқәа ааныркылоит. Иара убас, ВВС аинформациа ишану ала, зыӡбахәы ҳәоу аилахәырақәа зегьы Қырҭтәыла ҧасатәи  атәылахьчара аминистр Давиҭ Кезерашвили идҳәалоуп.

ВВС аусеилыргара инқәыршәаны, Кезерашвили афшортәи аҳа дшадҳәало шьақәзырҕәҕәо адокументқәа аартым, аха, ажурналистцәа рверсиала,  панаматәи адоументқәа рҿы иара ихьӡ арбоуп еилахәырақәак рхылаҧшратә пакет аҧшәа иаҳасабала. ВВС агәаанагарала, Кезерашвили зыӡбахәы ҳәоу аҳа данапхгаҩуп.

BBC ишану ала, Кезерашвили аинтервиу имхразы, Лондон иҩнашҟа  инеит, ари аҩны  18 миллион афунт стерлинг иаҧсоуп. Иара, идукат ила,  ахарадҵарақәа зегьы мап рцәыкит.  Адукат ажурналистцәа ишреиҳәаз ала, ателееилахәыра иаиуз аинформациа шьақәнарҕәҕәом Кезерашвили ацәгьауратә схема дшалахәыз.