Келли Дегнан  - Акоррупциа знапы алаку ҧшьҩык ахаҿқәа ирзышьақәыргылоу асанкциақәа рылагьы иубарҭоуп Америка  акоррупциа аҿагылареи, ақырҭуа жәлар рыдгылареи, адемократиатә уаажәларра аргылараҿы ақәҿиара аиуреи шаҭаху
Келли Дегнан  - Акоррупциа знапы алаку ҧшьҩык ахаҿқәа ирзышьақәыргылоу асанкциақәа рылагьы иубарҭоуп Америка  акоррупциа аҿагылареи, ақырҭуа жәлар рыдгылареи, адемократиатә уаажәларра аргылараҿы ақәҿиара аиуреи шаҭаху

Акоррупциа знапы алаку ҧшьҩык ахаҿқәа ирзышьақәыргылоу асанкциақәа рылагьы иубарҭоуп Америка  акоррупциа аҿагылареи, ақырҭуа жәлар рыдгылареи, адемократиатә уаажәларра аргылараҿы ақәҿиара аиуреи шаҭаху, – илҳәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәаҩ Келли Дегнан авидеоааҧхьараҿы.

Дегнан ишылҳәаз ала, аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Блинкен Қырҭтәыла аӡбарҭа иадҳәалоу ҧшьҩык ауааҧсыра асанкциақәа рзышьақәиргылеит.

Лара лажәақәа рыла, аҳәынҭқарратә департамент, игәрагоу аинформациа ашьаҭала ишьақәнаргылеит зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра, рмаҵзураҭыҧқәа цәгьашақә рхы иархәаны, акрызҵазкәа акоррупциатә ауранагӡара ишалахәыз.

„Дара,  рполитикатә адгылаҩцәа ирыхәаша ақәҵарақәа рыдкыларазы, аӡбаҩцәа азакәандаратә хашәала рыдаргалон, ма ирықәыҕәҕәон. Абри аҩыза ауранагӡара ала дара азакәан аиҳаӡареи адемократиатә процессқәеи ҧырхага ду рзааргеит, зегьы реиҳа зҵакы дуу аҳәынҭқарратә институтқәа иреиу, аӡбаратә система ахьыҧшымра иадҳәаланы  ақырҭуа жәлар рыгәрагара дырҧсыҽит. Америка азакәан инақәырәшаны, абри аҩыза зҵакы дуу акоррупциа иазку игәрагоу аинформациа асанкциақәа рышьақәыргыларазы шьаҭас иҟалоит.

Америка Қырҭтәылеи ақырҭуа жәлари ревропатәи ҽазышәарақәа рыдгылара нанагӡоит. Асанкциақәагьы уи ауп изызку.

Акоррупциа знапы алаку ҧшьҩык ахаҿқәа ирзышьақәыргылоу асанкциақәа рылагьы иубарҭоуп Америка  акоррупциа аҿагылареи, ақырҭуа жәлар рыдгылареи, дара гәыкала ирҭаху,  ирыхәҭоу  адемократиатә уаажәларра аргылараҿы ақәҿиара аиуреи шаҭаху“, – азгәаҭоуп ацҳаражәҳәаҩ иҟалҵаз ааҧхьараҿы.

Америка Михаил Чинчалаӡеи, Леван Мурусиӡеи, Иракли Шенгелиеи, Валериан Церцваӡеи асанкциақәа рзышьақәнаргылеит, –  ари атәы иануп Америка аҳәынҭқарратә маӡаныҟәгаҩ Ентони Блинкен иҳәамҭаҿы. Аҳәамҭа аланарҵәеит Қырҭтәыла иҟоу Америка ацҳаражәҳәарҭа.

“Иахьа, Америка аҳәынҭқарратә департамент,   Михаил Чинчалаӡеи, Леван Мурусиӡеи, Иракли Шенгелиеи, Валериан Церцваӡеи  акрызҵазкәа акоррупциатә ауранагӡара алахәызааразы асанкциақәа рзышьақәнаргылеит.  Зыӡбахәы ҳәоу ауааҧсыра,  аӡбарҭа ахантәаҩцәеи Аиустициа Иреиҳаӡоу ахеилак алахәылацәеи раҳасабала, рмаҵзуратә ҭыҧқәа цәгьашақә рхы иархәаны,  азакәан аиҳаӡареи    Қырҭтәыла аӡбаратә системахь ажәлар рыгәрагареи ҧырхага азааргеит.

Америка  адемократиеи азакәан аиҳаӡареи арҕәҕәара аганахьала Қырҭтәыла атәылауаа рыдгылара нанагӡоит, ахырҳагара аиура амзызла аҳәынҭқарратә азинмчқәа цәгьашақә зхы иазырхәо ауааҧсыра аҳасабырбаразы ирыду аҧхықәра  еиқәдыршәоит.

Ҳара аӡәы ихьыҧшымкәа аӡбара рыдкылара згәаҕьо, намысла аус зуа аӡбаҩцәа зегьы ҳрыдгылоит.  Асанкциақәа ззышьақәыргылоу ауааҧсыреи рҭаацәарақәа рылахәылацәеи Иеиду Америкатә Штатқәа рахь анеира азин рымам“, – иануп Блинкен иҳәамҭаҿы.