Кахеҭи арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнакс дықәыргылоуп Платон Калмахелиӡе
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Кахеҭи арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнакс дықәиргылеит Платон Калмахелиӡе.
Иахьа аиҳабыра рнапхгаҩы, аиҳабыра радминистрациаҿы, аҳәынҭқарра ахаҭарнак ҿыц диҧылеит.
Аиҧылараҿы уажәазы арегионаҿ имҩаҧысуа, иара убас, аплан иарбоу апроектқәа ирылацәажәеит.
Иракли Кобахиӡе Платон Калмахелиӡе амаҵзураҭыҧ ҿыц аҿы ақәҿиарақәа изеиҕьеишьеит.
Платон Калмахелиӡе аҳәынҭқарратәи хазхаҭалатәи асекторқәа рҿы аусура аҧышәа ду имоуп. Иара иахьанӡа Кахеҭи арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнак актәи ихаҭыҧуаҩс дыҟан, иара убас, 2014 шықәсазы Ҭелави ахадас далхын.