Каха Калаӡе – Украинатәи ахҵәацәа зегьы, аҭаацәара цыҧхьаӡа есымза  300 лари роуеит, ахҵәа цыҧхьаӡа хазы 45 лари иоуеит, иара убас,  230 лари роуеит ЕАР афонд аҟынтә, Қарҭ мацара акәӡам Қырҭтәыла анхара ахьыҟало, ари аҧарала қьырала ауадақәа ргар рылшоит

«Украинатәи ахҵәацәа зегьы, аҭаацәара цыҧхьаӡа есымза  300 лари роуеит, ахҵәа цыҧхьаӡа хазы 45 лари иоуеит, иара убас,  230 лари роуеит ЕАР афонд аҟынтә, Қарҭ мацара акәӡам Қырҭтәыла анхара ахьыҟало, ари аҧарала қьырала ауадақәа ргар рылшоит», — иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе.

«Ҳара украинатәи ахҵәацәа ирыдҳәаланы аҳәамҭа ҟаҳҵеит, шәара ибзиаҵәҟьаны ижәдыруеит дара аҳәынҭқаррантә ацхыраара шроуа. Агәабзиарахьчара аминистрра аҭакҧхықәра наӡа ахы аднаҵеит. Аҭаацәара цыҧхьаӡа  300 лари роуеит. Уи адагьы, ахҵәа цыҧхьаӡа есымза 45 лари иоуеит.

Иара убас, ЕАР афондгьы есымза аҭаацәара цыҧхьаӡа  230 лари рзоунашьҭуеит. Арҭ ауаа қьырала ауадақәа ргар рылшоит.   Иаҵшьны иазгәасҭар сҭахуп, Қарҭ мацара акәӡам Қырҭтәыла анхара ахьыҟало», — иҳәеит  Калаӡе.