Каха Калаӡе – Иахьа Биӡина Иванишвили ақырҭуа политика далахәым
Каха Калаӡе – Иахьа Биӡина Иванишвили ақырҭуа политика далахәым

Қарҭ ахада Каха Калаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла ҧасатәи аҧыза-министр Биӡина Иванишвили аполитикашҟа дхынҳәыр ҟалап ҳәа аларҵәара зауз аинформациа мцуп.

Калаӡе ажурналистцәа данрацәажәоз ишиҳәаз ала, иахьа Биӡина Иванишвили,  изакызаалак ала, ақырҭуа политика дадҳәалам, иара атәыла зехьынџьара агәыҳалалратә усура мҩаҧигоит.

„Шәара ианышәҭаху Биӡина Иванишвили аполитика далахәып, аполитикатә процессқәа дырхылаҧшуеит ҳәа шәҳәоит. Нас, иашәҭаху, Иванишвили аполитикашҟа дхынҳәыр ҟалап ҳәа шәҳәоит. Ари ауаҩы, ианаамҭаз, аполитика дшалҵуа азы аҳәамҭа ҟаиҵеит, убри анеҩс, изакәызаалак ак ала аполитика дадҳәалам.

Биӡина Иванишвили имаҷымкәа аус бзиақәа ҟаиҵеит, убри аҟынтә, ҳуааҧсыра даараӡа бзиа дырбоит. Уажәгьы, атәыла зехьынџьара еиуеиҧшым агәыҳалалратә проектқәа наигӡоит. Биӡина Иванишвили аполитикашҟа дхынҳәыр ҟалап ҳәа аларҵәара зауз аинформациа мцуп“, – иҳәеит Каха Калаӡе.