Каха Калаӡе - Шьоукы дҳазгәаазаргьы ҟалап, аха, хара имгакәа зегьы лабҿаба ирбоит Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика атәыла аинтересқәа рыхьчара ишазку
«Қырҭтәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит ҳара Мраҭашәареи Америкеи рҟны аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра шаҳҭаху, избанзар, уажәтәи аҭагылазаашьа аӡәгьы хырҳагара изаанагом», – иҳәеит Қарҭ ахада Каха Калаӡе аҳҭнықалақь аиҳабыра иахьатәи реилатәараҿы.
Иара ишиҳәаз ала, хара имгакәа зегьы лабҿаба ирбоит Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика атәыла аинтересқәа рыхьчара ишазку.
«Аӡәы дҳазгәаазаргьы ҟалап, аха, хара имгакәа зегьы лабҿаба ирбоит Қырҭтәыла аиҳабыра имҩаҧырго аполитика атәыла аинтересқәа рыхьчара ишазку. Ҳтәылеи ҳажәлари ринтересқәа рыхьчароуп ҳара ҳзы ахадаратә ҵакы змоу. Адунеиаҿ имҩаҧысуа апроцессқәа жәбоит, акрызҵазкәа аиҭакрақәа ҟалоит, аха, зегьы реиҳа ихадоу – убри аамҭазы ҳтәылаҿ аҭынчра иҟазаауеит, ҳара аҿиара наҳагӡоит. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит арҭ апроцессқәаа иаҳа ирласны имҩаҧысырц азыҳәан. Ари амҩаҿ иҳамоу ақәҿиарақәа зегьы «Ақырҭуа гәахәтәы» иабзоуроуп. Аха, ашантажи, ҵыхәҧҵәара змам ақәмақаррақәеи, ҳаҳаҭыр аларҟәреи, аҩбатәи афронт аартра аҳәареи, асанкциақәа рышьақәыргылареи уҳәа, абарҭ атемақәа ҳтәылеи баша ауааҧсыреи азарал ду рзааргоит. Ҳара ахаангьы уи ҳзақәшаҳаҭхом», – иҳәеит Каха Калаӡе.
Иара иажәақәа рыла, даҽа тәылак аинтересқәа рзы Қырҭтәыла аӡәгьы ихы изаирхәом.
«Даҽа тәылак аинтересқәа рзы ҳтәыла иаҧырхагахаша акгьы ҟаҳҵом. Аӡәгьы алшара иаҳҭом даҽа тәылак аинтересқәа рзы Қырҭтәыла ихы иаирхәарц. Ҳара аиҩызареи апартниорреи мацароуп иаҳҭаху. Ҳәарада, Мраҭашәареи Америкеи рҟны уажәтәи ҳаизыҟазаашьақәа ҽеим. Қырҭтәыла анапхгара изныкымкәа ирҳәахьеит ҳара Мраҭашәареи Америкеи рҟны аизыҟазаашьақәа реиҕьтәра шаҳҭаху, избанзар, уажәтәи аҭагылазаашьа аӡәгьы хырҳагара изаанагом», – иҳәеит Каха Калаӡе.