Карл Ҳарцель – Ника Мелиа иус аполитикатә ҭагылазаашьазы анырра ду аиур ҳәа сшәоит
Карл Ҳарцель – Ника Мелиа иус аполитикатә ҭагылазаашьазы анырра ду аиур ҳәа сшәоит

Карл Ҳарцель – Ника Мелиа иус аполитикатә ҭагылазаашьазы анырра ду аиур ҳәа сшәоит

Қырҭтәыла иҟоу Евроеидгыла ацҳаражәҳәаҩ Карл Ҳарцель Ника Мелиа иус иадҳәаланы ажурналистцәа ирҭаз азҵаара аҭак аиҭеит.   Иара иажәақәа рыла, ақырҭуа политикаҿы атемпература шьҭыҵит.

«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ари аус даараӡа сазхәыцуан. Аӡбаратә процесс сахцәажәом, избанзар уи макьана ихыркәшам, ҳара ҳазынтәгьы аӡбара пату ақәаҳҵароуп. Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ақырҭуа политикаҿы атемпература шьҭыҵит. Ҳазлацәажәо аус аполитикатә ҭагылазаашьазы анырра ду аиур ҳәа сшәоит», — иҳәеит Ҳарцель.