Џьо Баиден  - Шықәсык ашьҭахьгьы Киев игылоуп, адемократиа гылоуп
Џьо Баиден  - Шықәсык ашьҭахьгьы Киев игылоуп, адемократиа гылоуп

«Шықәсык ашьҭахьгьы Киев игылоуп, адемократиа гылоуп», — иҳәеит Украина иаҭааиз Америка ахада  Џьо Баиден.

CNN ишаанацҳаз ала,  Америка ахада Украина иҵегьы миллиардбжак адоллар иаҟароу ацхыраара азоушьҭра иазкны аҳәамҭа ҟаиҵеит.

АИХқәа рдыррақәа рыла,  украинатәи иколлега даниҧылоз   Џьо Баиден  ишиҳәаз ала,  ацхыраара апакет ҿыц ала иазҧхьагәаҭоуп арратә техникеи,  аџьаҧҳани,  иаҳа ирацәаны  «Џьавелинқәеи» ,  агаубицақәеи.

Урыстәыла Украина ианажәыла ашьҭахь  Џьо Баиден,  раҧхьаӡа акәны,  Киев даҭааит.