Џьо Баиден - Путин Украина иҧсыҽуп, Мраҭашәара еиҟәшоуп ҳәа игәы иаанагон, уажәгьы убасҵәҟьа игәы иаанагоит ҳәа сыҟам, шықәсык ашьҭахь аршаҳаҭгақәа зегьы абра иҟоуп, абри ауадаҿ, ҳара ҳаидгылоуп
«Аукраин жәлар ҧаса аӡәгьы иҟаимҵац ҟарҵеит, иҳәеит Америка ахада Џьо Баиден Киев, Украина ахада Владимир Зеленски даниҧылоз.
Баиден ишиҳәаз ала, Украинаҟа инеира аҵакы ду амоуп Америка Украина ишадгыло ашьақәырҕәҕәаразы.
«Киевҟа ахынҳәра бзиоуп. Уи аҵакы ду амоуп ҳәа исыҧхьаӡоит, избанзар, даҽазнык ааҳарҧшыроуп Америка Украина ишадгыло. Аукраин жәлар ҧаса аӡәгьы иҟаимҵац ҟарҵеит. Конгрессаҿ еиуеиҧшым азҵаарақәа рзы ҳҳәатәы шеиқәымшәогьы, Украина азҵаараҿы ҳаидгылоуп. Ҳара Украина мацара ахақәиҭреи адемократиеи акәӡам ҳазлацәажәо, аглобалтә хақәиҭреи адемократиеи ҳалацәажәоит. Путин Украина иҧсыҽуп, Мраҭашәара еиҟәшоуп ҳәа игәы иаанагон, уажәгьы убасҵәҟьа игәы иаанагоит ҳәа сыҟам, шықәсык ашьҭахь аршаҳаҭгақәа зегьы абра иҟоуп, абри ауадаҿ, ҳара ҳаидгылоуп», — иҳәеит Џьо Баиден.