«Џьео Скаи»  анапхгаҩы – Судан иҟоу авиаеилахәыра аусзуҩцәа ашәарҭара иҭагылам, аевакуациа алагара иазыҧшуп
 «Џьео Скаи»  анапхгаҩы – Судан иҟоу авиаеилахәыра аусзуҩцәа ашәарҭара иҭагылам, аевакуациа алагара иазыҧшуп

Авиаеилахәыра «Џьео Скаи»  анапхгаҩы Шьалуа Кикнаӡе иҳәамҭала, Судан иҟоу авиаеилахәыра аусзуҩцәа уажәазы ашәарҭара иҭагылам. Кикнаӡе иажәақәа рыла, авиаеилахәыра аусзуҩцәа  ахыбра адәылҵра шәшарҭам азы ашьақәырҕәҕәара иазыҧшуп, анеҩс, аевакуациа иалагоит.

«Ҳара аҳаирплан аҟынӡа анеира алшара ҳамазароуп, аҳаирплан аҭагылазаашьа гәаҭатәуп, уи ала аҧырра ҟалозар гәаҭатәуп,  иҟамлозар альтернативтә мҩала ҳусуҩцәа ревакуациа мҩаҧаагароуп. Абри зегьы акорридор иахьынӡашәарҭам ауп изхьыҧшу, ахыбра адәылҵра шыҟало азы ашьақәырҕәҕәара ҳаур, ҳусзуҩцәа ахыбра идәылҵуеит. Ес-минуҭ аинформациа ҳазыҧшуп. Амца аанкыларазы ишеиқәшаҳаҭхазгьы, ахәашеи асабшеи аиҿахысра иҟан. Ҳусуҩцәа афатәи аӡыржәтәи рымоуп», — иҳәеит  Шьалуа  Кикнаӡе.