Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациала, Судан аҟынтә Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа актәи аетап ихыркәшеит
Судан аҟынтә Қырҭтәыла атәылауаа ревакуациа актәи аетап ихыркәшеит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра аинформациа ала, Судан аҳҭнықалақь Харҭум иҟаз Қырҭтәыла атәылауаа, Судан-Мысра аҳәааҿ иҟоу анеитралтә зонахь иагоуп. Урҭ рыԥсҭазаареи ргәабзиареи ашәарҭа иҭагылам.
„Уажәы Қырҭтәыла атәылауаа, Судан-Мысра аҳәааҿ анеитралтә зонаҿ иҟоуп. Мысрантә урҭ Қырҭтәылахь иаҳгоит.
Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарақәеи, апартниорцәеи аилахәырақәеи рыдгылара ала, аевакуациа иманшәаланы мҩаԥган. Судан Қырҭтәыла атәыауаа иаанымхеит“, – иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Алеқсандре Хвҭисиашвили.