Антониу Гутиереш ихаҭыԥуаҩ, агуманитартәи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рызҵаарақәа рзы акоординатор Судан ахь дишьҭит
Антониу Гутиереш ихаҭыԥуаҩ, агуманитартәи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рызҵаарақәа рзы акоординатор Судан ахь дишьҭит

Судан ицәгьахаз аҭагылазаашьа иахҟьаны, ЕАР амаҿаныҟәгаҩ хада Антониу Гутиереш ихаҭыԥуаҩ, агуманитартәи аҭагылазаашьа ҷыдақәеи рызҵаарақәа рзы акоординатор Мартин Гриффитс Судан ахь дишьҭит, – иҩит Гриффитс “Твиттер” аҿы.

“Судан аҳҭнықалақь Хартум аҿы аидысларақәа иалагеижьҭеи ҩымчыбжь ҵит, агуманитартә кризис ишәарҭоу аҩаӡараҿ иҟоуп. Антониу Гутиереш иҳәарала, арегион ахь сдәықәлеит аԥхасҭа зауз ауааԥсыра рҭагылазаашьа аиӷьтәра ҳалшарц азы иҟаҵатәу аилкааразы”, – иҩит Гриффитс.

Аофициалтә дыррақәа рыла, ақәԥарақәа иалагеижьҭеи иахьанӡа Судан иҭахеит 500-ҩык иреиҳаны, 4600-ҩык ахәрақәа роуит, аха иҟоу агәаанагарала, аԥсыҭбарақәа рхыԥхьаӡара еиҳауп.