"MyWay Airlines" – Ҳусзуҩцәа Каир инаргахьеит, уаантәи Қырҭтәылаҟа иааргоит
"MyWay Airlines" – Ҳусзуҩцәа Каир инаргахьеит, уаантәи Қырҭтәылаҟа иааргоит

 

Авиаеилахәыра  «MyWay Airlines» адыррала,  уажәазы  русзуҩцәа Каир иҟоуп, уаантәи Қырҭтәылаҟа иааргоит.

«Ажәабжьы ҿыц шәаҳҳәар ҳҭахуп. Иахьазы ҳусзуҩцәа Каир инеихьеит,  уа рыҧсы аныршьалак, Қырҭтәылаҟа иааргоит.  Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳаҭабууп ҳусзуҩцәа Судан аҳәаантә, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ дрыцҵаны,  Каирнӡа рымҩангаразы.

Иара убас, Ҭырқәтәыла иҟоу Қырҭтәыла аконсул Константин Котариа ҭаабуп ҳәа иаҳҳәоит, избанзар, иара, аилахәыра анапхгара рҟны еиҧҟьарада аимадара иман, иаҳҭахыз аинформациа зегьы ҳаиҭон.

Ҳусзуҩцәа ревакуациа апроцесс иалахәыз ауааҧсыра зегьы ҳраҭабууп“, — иануп авиаеилахәыра адырраҿы.