Иракли Қадагишвили - Украинатәи аган Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҽеира  иазҿлымҳазар, ҳара уи ҳазыразуп 
Иракли Қадагишвили - Украинатәи аган Қырҭтәылаҟны аизыҟазаашьақәа рырҽеира  иазҿлымҳазар, ҳара уи ҳазыразуп 

«Қырҭтәыла Украина ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара ҳаизыҟазаашьақәа рырҽеира иазкызар, ҳара уи ҳазыразуп», — иҳәеит ахаланапхгара азҵаарақәа рзы апарламенттә комитет ахантәаҩы  Иракли Қадагишвили.

Иара иажәақәа рыла, «Украина ацҳаражәҳәаҩ ирхынҳәра Қырҭтәыла аҳаҭыр аларҟәра акәын иаанагоз».

«Ацҳаражәҳәаҩцәа зегьы Киев иқәҵит, Қырҭтәыла ацҳаражәҳәарҭеи ацҳаражәҳәаҩи иаанхеит. Абасоуп ҳпозициа шыҟаз, аха, ҳара Урыстәыла ҳзабашьуам. Усҟан Зеленскии егьырҭгьы Қырҭтәыла аҩбатәи афронтс иҟалароуп ҳәа ргәы иаанагон, аха, иахьа лабҿаба иубарҭоуп уи ҟалашьа шамамыз. Аибашьра ахыркәшара иазку аиҿцәажәаратә процесс мҩаҧысуеит. Макьана алҵшәақәа ҟамлар ауеит.  Қырҭтәыла Украина ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара ҳаизыҟазаашьақәа рырҽеира иазкызар, ҳара уи ҳазыразуп.  Ацҳаражәҳәаҩ ҿыц апровокациатә ҳәамҭақәа рыҟаҵаразы дықәдыргылеит ҳәа ихасҵар сҭахым. Ари ашьаҿа бзиахап ҳәа сгәыҕуеит», — иҳәеит Қадагишвили.

Украина ахада Владимир Зеленски Қырҭтәыла Украина ацҳаражәҳәаҩ ҿыц иқәыргылара иазку адҵа инапы аҵаиҩит.