Иракли  Қадагишвили – Ари аибашьра нагӡахар, Украина  иузмыриашо азарал аиуеит, ари аибашьра аанкылатәуп, аха, ишубарҭоу ала, ахәмарҩцәа рацәаҩны уи иазҿлымҳам
Иракли  Қадагишвили – Ари аибашьра нагӡахар, Украина  иузмыриашо азарал аиуеит, ари аибашьра аанкылатәуп, аха, ишубарҭоу ала, ахәмарҩцәа рацәаҩны уи иазҿлымҳам

«Ари аибашьра нагӡахар, Украина  иузмыриашо азарал аиуеит. Убри аҟынтә, ари аибашьра аанкылатәуп, аха, ишубарҭоу ала, ахәмарҩцәа рацәа уи иазҿлымҳам», — иҳәеит Қырҭтәыла апарламент алахәыла Иракли Қадагишвили.

Иара иажәақәа рыла, «убри аҟынтә, аҭынчра адцаларазы аполитикатә ақәыҕәҕәара убарҭоуп».

«Ари азҵаара иадҳәаланы уажәааны Трамп иҟаиҵаз аҳәамҭа иахәаҧштәуп ҳәа сгәы иаанагоит. Аибашьра нагӡахар, Украина иаҳа ихьанҭоу алҵшәақәа аиуеит. Аҭынчрачаҧаратә формат аартреи амца аанкылареи  — ахадаратә ҳасабтәуп. Ҳәарада, Урыстәыла Украина иажәылеит, аха, ари аибашьра зыхҟьаз амзызқәеи абри агрессиа аҽацәыхьчаразы иҟаҵатәыз ашьаҿақәеи  рылацәажәара аӡәгьы иҭахымызт. Аибашьра ианалага ашьҭахь, мчыбжьқәак анҵы, аганқәа зегьы ирзыманшәалаз аҭынчратә аиқәшаҳаҭра мазеин, аха, усҟан, Борис Џьонсон ари аус иҽалеигалан, украинаа ирыбжьеигеит аиқәшаҳаҭра мап ацәкны, аиааира ргаанӡа ақәҧара нарыгӡарц. Ишубарҭоу ала, ари аибашьра аиааира рзаанагом. Аҭынчра ашьақәыргылара ада уаҳа мҩак иҟам. Сара ибзианы еилыскаауеит Зеленскии Украинеи ари аӡбара адкылара шырцәыуадаҩу», — иҳәеит Иракли Қадагишвили.