Иракли Қадагишвили — Еврокомиссиа аҭҵаарақәа аадырҧшит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә институтқәа шыҕәҕәоу, ҳара хықәкыс иҳамоуп аконкреттә алҵшәақәа иаҳа раарҧшреи ҳреитингқәа  иаҳа реиҕьтәреи  
Иракли Қадагишвили — Еврокомиссиа аҭҵаарақәа аадырҧшит Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә институтқәа шыҕәҕәоу, ҳара хықәкыс иҳамоуп аконкреттә алҵшәақәа иаҳа раарҧшреи ҳреитингқәа  иаҳа реиҕьтәреи  

«Аҭҵаарақәа зегьы ибзиаӡаны иаадырҧшуеит Қырҭтәыла – аҿиара ду змоу атәыла шакәу. Ҳара амбициатә хықәкы ҳамоуп  — аконкреттә алҵшәақәа иаҳа раарҧшреи ҳреитингқәа  иаҳа реиҕьтәреи», — иҳәеит апартиа «Ақырҭуа гәахәтәы» алахәыла  Иракли Қадагишвили.

Қадагишвили Еврокомиссиа ицәырнанагаз  «Аинститутқәа ҕәҕәақәа риндекс» дахцәажәеит, уи инақәыршәаны, Қырҭтәыла,   100наӡынатәи асистемала 63% аиун, адунеиаҿ  34-тәи аҭыҧ ааннакылеит. Аинституциатә  мчы аҩаӡара ала, Қырҭтәыла, акандидат астатус змоу атәылақәеи,  иара убас, Евроеидгылеи НАТОи ирылоу 13 ҳәынҭқаррақәеи раҧхьа игылоуп.

«Аҵыхәтәантәи аҭҵаарақәа аадырҧшит ҳтәыла аҳәынҭқарратә институтқәа шыҕәҕәоу. Аҳәынҭқарратә институтқәа рҭышәынтәалареи рыҕәҕәареи иаанагои? Уи иаанагоит атәылаҿы аҭынчреи ауаҩы изинқәеи рыхьчазаареи, акриминалтә ҭагылазаашьа ахылаҧшреи, агәабзиарахьчареи аҵареи аусхкқәа рҿы асоциалтә программақәа рацәа рынагӡареи, аекономика аҿиареи. Атәылаҿы ауаа рыҧсҭазаашьеи аекономикатә ҭагылазаашьеи иаҳа-иаҳа еиҕьхоит. Абри ауп акоррупциа аҟамзаара иаанаго, абри ауп аартызаара аганахьала адунеиаҿ Қырҭтәыла аҧхьагылара иаанаго.  Убри аҟынтә, ҳара хықәкыс иҳамоуп аконкреттә алҵшәақәа иаҳа раарҧшреи ҳреитингқәа  иаҳа реиҕьтәреи», — иҳәеит Қадагишвили.