Иракли Оқруашвили  апарламенттә аусеилыргаратә комиссиашҟа дахьымнеиз  амшала, иус апрокуратурашҟа идәықәырҵоит
 Иракли Оқруашвили  апарламенттә аусеилыргаратә комиссиашҟа дахьымнеиз  амшала, иус апрокуратурашҟа идәықәырҵоит

2003–2012 шықәсқәа рзы атәыла иахагылаз арежими аполитикатә маҵзуҩцәеи роуранагӡара аҭҵааразы еиҿкааз Қырҭтәыла апарламенттә аусеилыргаратә комиссиашҟа амнеира амшала, атәылахьчара ҧасатәи аминистр Иракли Оқруашвили иус апрокуратурашҟа идәықәырҵоит.

Иашьашәалоу аӡбара рыдыркылеит апарламенттә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы. Абжьыҭиразы ари азҵаара иқәлыргылеит акомиссиа ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани.

Акомисиа алахәылацәа ари ажәалагала иақәшаҳаҭхеит.

Абри аҩызаҵәҟьа амзызла, апарламенттә комиссиашҟа амнеира амшала, апрокуратурашҟа идәықәҵоуп апартиа  «Лело» алидер  Мамука Хазараӡеи  «Лело» алахәыла Бадри Џьаҧариӡеи русқәагьы.