Михаил Қарели аусеилыргаратә комиссиа азҵаарақәа аҭак риҭеит  - Михаил Саакашвили иахьагьы дшәарҭоуп, ҧасатәи сыҧсҭазаараҿы Гитлер ицхырааҩс сыҟазшәа сгәы иабоит
Михаил Қарели аусеилыргаратә комиссиа азҵаарақәа аҭак риҭеит - Михаил Саакашвили иахьагьы дшәарҭоуп, ҧасатәи сыҧсҭазаараҿы Гитлер ицхырааҩс сыҟазшәа сгәы иабоит

Апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы   2007-2014 шықәсқәа рзы Шида Қарҭли арегионаҿ аҳәынҭқарра ахаҭарнакс иҟаз  Михаил Қарели изыӡырҩуеит.

Қарели   Михаила Саакашвили атәыла данахагылаз аамҭа дахцәажәан, Саакашвили иахьагьы дшәарҭоуп ҳәа иҳәеит.

«Иара апсихикатә чымазара имоуп, усҟан мацара акәымкәа, иахьагьы дшәарҭоуп. Аиаша шәасҳәап, шәкомиссиа аусура садгылоит. Иҵегьы зҵаарақәак шәызцәырҵыр, сеиҭаауеит. Ҧасатәи сыҧсҭазаараҿы Гитлер ицхырааҩс сыҟазшәа сгәы иабоит», — иҳәеит Қарели.