Зураб Ноҕаидели – Ҳара еснагь аибашьра ацәцара ҳалшон,  2006 шықәсазы уи ҳалшеит,  2008 шықәсазгьы убасҵәҟьа иҟалар акәын
Зураб Ноҕаидели – Ҳара еснагь аибашьра ацәцара ҳалшон,  2006 шықәсазы уи ҳалшеит,  2008 шықәсазгьы убасҵәҟьа иҟалар акәын

«Ҳара еснагь аибашьра ацәцара ҳалшон,  2006 шықәсазы уи ҳалшеит,  2008 шықәсазгьы убасҵәҟьа иҟалар акәын», — иҳәеит Зураб Ноҕаидели апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа аилатәараҿы.

Аилатәараҿы акомиссиа ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани Ноҕаидели диазҵааит:

«Усҟан, шәара аҧыза-министрс шәаныҟаз, Иракли Оқруашвили иҳәеит: “Ҳара Ашықәс Ҿыц Цхинвал ҳаҧылоит”. Ари азҵааразы шәеиқәшаҳаҭны шәыҟазма? Иара шәҳәатәы ҳаиҵозма?»

Ноҕаидели аҭак ҟаиҵеит:

«Ари аҳәамҭа мацара акәымкәа, иара иҟаиҵоз ҳәамҭакгьы иадҳәаланы сгәаанагара дазымҵааит, уи ихәҭамызт. Усҟан аҳәынҭқарратә аиҿкаашьа зынӡаскгьы даҽа сахьак аман. Аиҳабыра рнапхгаҩы иаҳасабала, сара аекономикеи егьырҭ асоциалтә зҵаарақәеи снапы ианын. Атәылахьчареи, ашәарҭадареи, адәныҟатәи аполитикеи атәыла ахада иусын. Убри аҟынтә, атәылахьчара аминистр аҳәамҭақәа аныҟаиҵоз сара дсазҵаауамызт.

Ари аҳәамҭа ҟаҵатәымызт. Ҳазынтәгьы ибзианы иаадыруан Иракли Оқруашвили  Ашықәс Ҿыц Цхинвал дшаҧымлоз. Усҟан Қырҭтәыла абри аҩыза атемақәа рымшала еснагь акризис ҟалон. Абри аҩыза иахәҭамыз аинициативақәа рацәан.  Знык аибашьра ашәарҭарагьы ҳҭагылеит  —  2006 шықәсазы. Убри аҟынтә, абри аҩыза аҳәамҭақәа имаҷымкәа акризисқәа рхылҵит.  Аха, ҳара еснагь аибашьра ацәцара ҳалшон,  2006 шықәсазы уи ҳалшеит,  2008 шықәсазгьы абасҵәҟьа иҟалар акәын, аибашьраа ҟамлар ауан», — иҳәеит  Зураб Ноҕаидели.