Григол  Вашаӡе  - Урыстәыла аргама ауаа ревакуациа ианаҿыз, ҳаргьы ҳуааҧсыра ралгара ҳалагароуп  ҳәа агәаанагара иҟан, аха, усҟан ҳаргьы аибашьразы ҳҽазыҟаҳҵоушәа иубарҭахон
Григол  Вашаӡе  - Урыстәыла аргама ауаа ревакуациа ианаҿыз, ҳаргьы ҳуааҧсыра ралгара ҳалагароуп  ҳәа агәаанагара иҟан, аха, усҟан ҳаргьы аибашьразы ҳҽазыҟаҳҵоушәа иубарҭахон

«Сара ауааҧсыра агәҽанҵара рыҭара исуалымызт. Аиашаз, Ашәарҭадара ахеилак аилатәарақәа рҿы  изныкымкәа ари азҵаара иқәсыргылеит, аха, аҭакс исарҳәоз ак акәын: “иаҭаххар, ҳара уи ҳахылаҧшып”», — иҳәеит Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа ҧасатәи рминистр Григол Вашаӡе апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа аилатәараҿы.

Григола Вашаӡе иҳәамҭала, Қырҭтәыла иалшоз зегьы ҟанаҵеит ари аибашьра ҟамларцаз.

Акомиссиа ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани Вашаӡе игәалалыршәеит:
«2008 шықәса абҵаразы, аамҭалатәи акомиссиа аилатәараҿы апарламентаҿ ишәҳәеит нанҳәа 4 рзы Нули ақыҭаз ажәылара ҕәҕәа мҩаҧган ҳәа. Шәара ишышәҳәаз ала, уи ҟалеит зымҽхак дууз  ҩ-ганктәи аибашьра иалагаанӡа. Нанҳәа 4 рзы шәара, амаҵзураҭыҧ ду аанызкылоз ахаҿы иаҳасабала, иара убас, азинхьчаратә органқәагьы ибзианы ижәдыруан Урыстәыла ари арегион қыҭак ҕәҕәала ишажәылоз. Анеҩс, шәара ишәҳәеит нанҳәа  7 рзы шәара шәхаҭа, Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ахьӡала,  ашәҟәы шышәыҩыз, уаҟа  Урыстәыла Роктәи ахыҵҵырҭала атехника алагалара ишаҿу иазгәашәҭеит. Усҟан шәара адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыҧуаҩс шәыҟан. Шәара, уи шышәуалымызгьы, аурыс техника иахьгылаз жәдыруан. Нули ақыҭа ажәылара иазкны адырра шәызҭада,  Нанҳәа  7 рзы аурыс техника иабагылаз, шәара, аминистр ихаҭыҧуаҩ, ари аинформациа шәызҭада? Абри зегьы жәдыруазҭгьы, ауаа агәҽанҵара зрышәымҭеи, изҭашәырхеи? Ари азҵааразы адискуссиа иҟазма, ауаа ралгара шәалацәажәозма? Урҭ реиҳара ҭахеит. Ҳуааҧсыра рацәа иргәыдҵаны иршьит».

Вашаӡе аҭак ҟаиҵеит:

«Ҳаҭыр зқәу Ҭеа. Шәара нанҳәа 4 аӡбахә шәҳәеит. Аха, ақырҭуа ақыҭақәа рылахысра иалагеит ҧхынгәы 31 рзы. Насгьы, аурысцәа  82-и 122-и мм акалибр змоу абџьар рхы иадырхәон, ари абџьар импыҵахалоу Цхинвалтәи арегионаҿ аргылара ҟаломызт.  Аинформациа сырҭон  еиуеиҧшым ахыҵҵырҭақәа  — ҳадгылаҩцәа, аҧшыхәцәа, Атәылахьчара аминистрра. Аилатәара ашьҭахь англыз бызшәала еиқәыршәоу 2 документк шәысҭоит, аинформациа ахьынтәаазгоз шәзеиҭасҳәоит.

Ауаа агәҽанҵара рыҭара ҳалацәажәозар, ишеилышәкаауа еиҧш, сара уи исуалымызт.  Аиашаз, Ашәарҭадара ахеилак аилатәарақәа рҿы  изныкымкәа ари азҵаара иқәсыргылеит, аха, аҭакс исарҳәоз ак акәын: “иаҭаххар, ҳара уи ҳахылаҧшып”.  Егьи аганахьала, ишәхашәмыршҭын Қырҭтәыла ари аибашьра ҟамларцаз иалшоз зегьы шаҟанаҵоз.    Урыстәыла аргама ауаа ревакуациа ианаҿыз, ҳаргьы ҳуааҧсыра ралгара ҳалагароуп  ҳәа агәаанагара иҟан, аха, усҟан ҳаргьы аибашьразы ҳҽазыҟаҳҵоушәа иубарҭахон. Усҟан абри аҩыза агәаанагарагьы иҟан» — иҳәеит  Григол Вашадзе.