Апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы Паата Давиҭаиа изыӡырҩуеит
Апарламенттә аусеилыргаратә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы апартиа «Европатәи адемократцәа» ахантәаҩы Паата Давиҭаиа изыӡырҩуеит. Иара 2008 шықәса нанҳәатәи аибашьра ашьҭахь абыжьбатәи ааҧхьара апарламентаҿ аамҭалатәи апарламенттә комиссиа дахагылан.
Паата Давиҭаиа ишиҳәаз ала, 2008 шықәсазы, аибашьра ианеилга ашьҭахь, хымҧада зҵаарақәак еилыргатәын.
«Раҧхьа иргыланы, усҟантәи аоппозициа ари аҳәара иқәдыргылеит. Усҟан сара аиҵара алидер ихаҭыҧуаҩс сыҟан. Аоппозициаа асессиа цыҧхьаӡаҿы аусеилыргаратә комиссиа аиҿкаара иаҳәон. Апарламенттә комиссиа аиҿкааразы ҳаиқәшаҳаҭхеит, избанзар, усҟантәи апарламентаҿ аиҳара рықәшаҳаҭхара ада аусеилыргаратә комиссиа узеиҿкаауамызт. Убри аҟынтә, аусеилыргаратә комиссиа акәымкәа, аиҵареи аиҳареи реиқәшаҳаҭрала аамҭалатәи апарламенттә комиссиа еиҿкаан», — иҳәеит Паата Давиҭаиа.