Аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеира иадҳәаланы, Қарҭтәи апрокуратураҿы Иракли Оқруашвили ахара идҵара апроцедура мҩаҧысуеит
Аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеира иадҳәаланы, Қарҭтәи апрокуратураҿы Иракли Оқруашвили ахара идҵара апроцедура мҩаҧысуеит

Қырҭтәыла атәылахьчара ҧасатәи аминистр Иракли Оқруашвили Қарҭтәи апрокуратураҿ дыҟоуп.

Аусеилыргаратә комиссиа аилатәарашҟа амнеира иадҳәаланы, Қарҭтәи апрокуратураҿы Иракли Оқруашвили ахара идҵара апроцедура мҩаҧысуеит.

Оқруашвили идукат Мамука Ҷабашвили ишиҳәаз ала, Оқруашвили иҿахәы анимырхуазгьы иҳәеит Ҵулукиани лнапы зҵалҩыз адокумент  хымҧада инагӡатәу адокумент шакәым, иара акомиссиа аӡбара иоур акәын, избанзар, уи административтә органуп. Иара иахьанӡагьы абри аӡбара имоуӡацт, иоузҭгьы, административтә ҧҟарала  уи дазашшыр илшон. Адукат иҳәамҭала, уажәы астандарттә процедура мҩаҧысуеит.

Апрокуратураҿы аусеилыргара мҩаҧысуеит  349-тәи ахәҭаҷ ала, аусеилыргаратә комиссиа азакәантә аҳәара анамгӡаразы.