Бадри Џьаҧариӡе апарламенттә аусеилыргаратә комиссиашҟа имнеира амшала, иус апрокуратурашҟа идәықәҵоуп
Бадри Џьаҧариӡе апарламенттә аусеилыргаратә комиссиашҟа имнеира амшала, иус апрокуратурашҟа идәықәҵоуп.
Ари аӡбара рыдыркылеит апарламенттә комиссиа иахьатәи аилатәараҿы.
Абжьыҭиразы ари азҵаара иқәлыргылеит акомисиа ахантәаҩы Ҭеа Ҵулукиани.
«Аҵыхәтәантәи амшқәа рзы ҳкомиссиа амаӡаныҟәгара Бадри Џьаҧариӡе акомиссиа аилатәарашҟа изныкымкәа ааҧхьара ирҭеит. Иара аилахәыра «Магнат» иадҳәаланы зҵаарақәак аҭак риҭар акәын. Аха, Бадри Џьаҧариӡе акомиссиашҟа анеира иҭахымхеит. Убри анеҩс, Қырҭтәыла апарламент «Ақырҭуа ҧошьҭаҿ» амаҵзура ҷыда аахәаны, иацжәацы шьыжьымҭан афельдиегерь Бадри Џьаҧариӡе инхарҭаҭыҧахь ддәықәырҵеит. Иара акомиссиа аилатәарашҟа ааҧхьаратә шәҟәы ииҭар акәын, аха, ашә изаадмыртит. Анеҩс, аҧошьҭа ахаҭарнак «Лело» аофисахь днеит, аха, уаагьы, Бадри Џьаҧариӡе диҧымлеит. Иацы иацҵаны аамҭа иаҳҭеит, асааҭ ҧшьбанӡа акомиссиаҿ ҳизҧшын, аха, дмааит. Убри аҟынтә, араҟа Қырҭтәыла Ашьауҕатә закәанеидкыла 349 ахәҭаҷла иазҧхьагәаҭоу ацәгьаура иҟазар ҟалап ҳәа ҳгәы иаанагоит. Бадри Џьаҧариӡе изҵааразы абжьыҭира амҩаҧгареи иус апрокуратурашҟа адәықәҵареи шәыдазгалоит», — илҳәеит Ҭеа Ҵулукиани.