Бадри Џьаҧариӡе  -  „Лело – Қырҭтәыла ҕәҕәа“ амуниципалтә алхрақәа ирыдҳәаланы иҟанаҵаз ашьаҿала,  аҿар рбаандаҩтәразы ииаамҭаны, ииашоу аҭак ҟанаҵеит  
Бадри Џьаҧариӡе  -  „Лело – Қырҭтәыла ҕәҕәа“ амуниципалтә алхрақәа ирыдҳәаланы иҟанаҵаз ашьаҿала,  аҿар рбаандаҩтәразы ииаамҭаны, ииашоу аҭак ҟанаҵеит  

„Лело – Қырҭтәыла ҕәҕәа“ амуниципалтә алхрақәа ирыдҳәаланы иҟанаҵаз ашьаҿала,  аҿар рбаандаҩтәразы ииаамҭаны, ииашоу аҭак ҟанаҵеит , – иануп  „Лело“ алидерцәа иреиу Бадри Џьаҧариӡе асоциалтә аҳаҿы иалаирҵәаз аҳәамҭаҿы.

Бадри Џьаҧариӡе ишазгәеиҭаз ала,  „Ақырҭуа гәахәтәы“ хықәкык ауп ирымоу, мраҭашәара иадгыло амилаҭтә политикатә мчқәа еиҿадыргылар рҭахуп.

„Аполитикатә партиақәа рлидерцәа абахҭа рҭакра хықәкык ауп иамоу – „Ақырҭуа гәахәтәы“ ҳтәылауаа агәыҕра рцәыӡратәы иҟарҵар рҭахуп, ақәҧара аҟәыҵра рыдарцалар рҭахуп. Нас,  „Ақырҭуа гәахәтәы“, ҧырхагак рымамкәа, дара рхала  аинститутқәеи, анапхгаратә органқәеи, ауаажәларратә ҧсҭазаара аусхкқәеи рнапахьы иааргоит.

Убри аҟынтә, „Лело – Қырҭтәыла ҕәҕәа“ амуниципалтә алхрақәа ирыдҳәаланы иҟанаҵаз ашьаҿала,  аҿар рбаандаҩтәразы ииаамҭаны, ииашоу аҭак ҟанаҵеит.

Ҳара, аҿар рыхьчаразы, ақәҧара аҽалархәра ҳазыхиоуп.

„Ақырҭуа гәахәтәы“ хықәкык ауп ирымоу, мроаҭашәара иадгыло амилаҭтә политикатә мчқәа еиҿадыргылар рҭахуп.  Абри ахықәкы цәгьа ауп изызку уажәааны Михаил Ҟавелашвили иҟаиҵаз аҳәамҭа.

Ҳәарада, ҳара абри зегьы ҳаҿагылароуп аидҵареи азкаареи рыла“, – иҩит Бадри Џьаҧариӡе.