Иракли Кобахиӡе Узбекистан Ахьыҧшымра амонумент амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Узбекистантәи ареспублика Ахьыҧшымра амонумент амҵан ашәҭқәа шьҭеиҵеит.
Узбекистан Ахьыԥшымра амонумент ахь Иракли Кобахиӡе Узбекистантәи ареспублика аҧыза-министр Абдула Арипови аделегациа алахәылацәеи ицуп.
Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ҩымштәи аофициалтә визитла Узбекистанҟа ддәықәлеит. Аофициалтә визит аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәыла аҧыза-министр Узбекистантәи ареспублика ахада Шавкат Мирзиоеви, аҧыза-министр Абдула Арипови, иара убас, азакәанҧҵаратә орган азакәанҧҵаратә палата аспикери Сенат ахантәаҩи дырҧылоит.