Иракли Кобахиӡе – Сара Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы азакәанпроект аҵакы илзеиҭасҳәеит, аиуристтә азгәаҭарақәа зегьы рыхәаҧшра сшазыхиоу ласҳәеит
Иракли Кобахиӡе – Сара Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы азакәанпроект аҵакы илзеиҭасҳәеит, аиуристтә азгәаҭарақәа зегьы рыхәаҧшра сшазыхиоу ласҳәеит

Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы Пиа Каумеи егьырҭ анапхгаратә хаҿқәеи рҟны аустә аиҧылара мҩаҧызгеит, — иҩит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе асоциалтә аҳаҿы.

Аиҳабыра рннапхгаҩы ишазгәеиҭаз ала, аиҧылараҿы ахадаратә ҵакы аман  «Атәым анырр аартызаара иазкуц» азакәанпроект.

«Ҳара атәым анырра аартызаара ҳалацәажәеит. Сара Аусеицуреи Ашәарҭадареи рзы Европатәи Аиҿкаара ахантәаҩы азакәанпроект аҵакы илзеиҭасҳәеит, аиуристтә азгәаҭарақәа зегьы рыхәаҧшра сшазыхиоу иласҳәеит, уи азыҳәан азакәан ахәаҧшра апроцедура ҳхы иаҳархәар ҳалшоит», — иҩит  Кобахиӡе.