Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы аартуп, ҳара ари азҵаара алацәажәара ҳазыхиоуп, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә аартызаара аминималтә стандарт аҳәара азин ҳамоуп
Иракли Кобахиӡе  - Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы аартуп, ҳара ари азҵаара алацәажәара ҳазыхиоуп, иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә аартызаара аминималтә стандарт аҳәара азин ҳамоуп

«Атәым анырра аартызаара иазку» азакәан ахадаратә принципқәа зегьы ирышьашәалоуп. Агәра ганы сыҟоуп адемократиатә ҳәынҭқарраҿы аартызаара альтернатива шамам», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Германтәыла аканцлер Олаф Шольци иареи еицымҩаҧыргаз апрессконференциаҿы.

Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, уажәааны Еврокомиссиа аартызаара иазку азакәанпроект иадгылеит.

Иара убас, Қырҭтәыла аҧыза-министр ишиҳәаз ала,  азакәанпроект ала акоуп иазҧхьагәаҭоу  — иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа есышықәса ицәырыргалароуп ироуа афинанстә цхыраара иазку аинформациа,  иахьагьы еилкаам иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аартызаара апринцип ақәныҟәара зрыхәҭам.

«Сара Қырҭтәыла аҧыза-министрс саныҟарҵа инаркны Қырҭтәыла аиҳабыра ирыдыркыло ақәҵарақәа зегьы аргама ицәыргоуп, уи аиҳабыра русуралшаразы аҵакы ду амоуп.  Ҳара иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа рҟынтә аартызаара аминималтә стандарт аҳәара азин ҳамоуп.

Атәым ҳәынҭқаррақәа ринтересқәа ирықәныҟәо иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа аконкреттә шьаҿақәа ҟарҵоит,  2020 шықәса ашьҭахь дара ҩынтә мчыла анапхгара аҧсахра рҽазыркхьеит, апарламенттә алхрақәа рыла акәымкәа, адемократиатә алхрақәа рыла акәымкәа, адәахьытә демонстрациақәа рыла. Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы аҧара роуан, азакәандаратә мҩалагьы. Аҵыхәтәантәи аамҭазы абри азакәандаратә практика аларҵәара аиуит, ҳара ибзианы иаабоит арҭ аиҿкаарақәа аҳасабырбақәа рцәыргара шырҭахым, уи ауаажәларра аполиаризациа ахылҵуеит.  Қырҭтәыла имҩаҧысуа апроцессқәа зегьы аартуп, ҳара ари азҵаара алацәажәара ҳазыхиоуп.  Знык Ганс Кельзен иҳәеит аус зуа адемократиа азакәан шьаҭас иамазароуп ҳәа.  Сара Германтәыла аҵара сҵон, агәра ганы сыҟоуп зыӡбахәы ҳәоу азакәан иҵаҵгәырку адемократиа ҕәҕәа аргылара ишацхраауа», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе аофициалтә визитла Германтәыла дыҟоуп.