Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ диҧылет 
 Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ диҧылет 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла иҟоу Израиль ацҳаражәҳәаҩ Валид Абу Ҳаиа диҧылеит.  

Аиҧылараҿы аҧыза-министр Ааигәатә Мрагылараҿы имҩаҧысуа ахҭысқәа ирыдҳәаланы агәынамӡара ааирҧшын, ауаа рҭахара иадҳәаланы Израиль дадашшылеит.  

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, хара имгакәа арегионаҿ аҭынчра шьақәгылап ҳәа дгәыҕуеит, иара ишазгәеиҭаз ала, аҭышәынтәалара ауаа рмышхәыбзазаразы аҵакы ду амоуп. 

Аиҧылараҿы Қырҭтәылеи Израили рыбжьара ишьақәгылаз ашәышықәсарацәалатә аиҩызаратә еизыҟазаашьақәагьы ирылацәажәеит.