Иракли Кобахиӡе Олаф Шольц диҧылеит
Иракли Кобахиӡе Олаф Шольц диҧылеит

Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе Германтәыла аканцлер Олаф Шольц диҧылеит.

Қырҭтәыла аҧыза-министр ипресс-маҵзура адыррала, Германтәыла афедералтә усмҩаҧгарҭаҿ ишиашоу аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылараан иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәылеи Германтәылеи рыбжьара аполитикатә диалог аҩаӡара ҳараки ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рҿиараҿы иҟоу адинамика бзиеи.

«Аҧыза-министр афедералтә канцлер ҭабуп ҳәа иеиҳәеит евроинтеграциа апроцессаҿ Қырҭтәыла адгыларазы. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла Евроеидгыла алаларазы акандидат астатус анашьара аҵакы.

Аиҳабыра рнапхгаҩы даҽазнык ишьақәирҕәҕәеит Қырҭтәыла аиҳабыра атәыла евроинтеграциа ишазгәыку, анеҩстәи аетапаз хықәкыс ишрымоу Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәарақәа ралагара.

Аиҧылараҿы хшыҩзышьҭра ҷыда азун арегионаҿ ашәарҭадара аҭагылазаашьа. Аҧыза-министр ишазгәеиҭаз ала, арегионаҿ Қырҭтәыла, Аахыҵ Кавказаҿ аҭынчреи аҭышәынтәалареи  аиқәыршәараҿы алагала ду ҟазҵо,  Евроеидгылазы игәрагоу партниорс иаанхоит.

Афедералтә канцлер ишьақәирҕәҕәеит Германтәыла Қырҭтәыла ахьыҧшымреи аҵакырадгьылтә акзаареи ишадгыло.

Иара убас, аганқәа рхаҭарнакцәа атәым анырра аартызаара иазку азакәанпроект иазааҭгылеит. Аҧыза-министр ишиҳәаз ала, азакәан хықәкык ауп иамоу  — иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа есышықәса рфинанстә хыҵхырҭақәа ирызку аинформациа цәырыргароуп.

Ишиашо аформатаҿ имҩаҧгаз аиҧылара ашьҭахь, аганқәа рхаҭарнакцәа аиҿцәажәарақәа нарыгӡеит ирҭбаау аформатаҿ, уи рхы аладырхәит 2 тәылак реиҳабырақәа рылахәылацәа.

Аганқәа рхаҭарнакцәа еиуеиҧшым аусхкқәа рҿы қәҿиарала аусеицуреи, иара убас, ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа рырҭбааразы иҟоу аперспективақәеи ирылацәажәеит, ари аганахьала ҷыдала иалкаан аекономикеи, азинеиҿкаареи, акультуреи, аҵареи, аҵарадырреи аусхкқәа.

Иракли Кобахиӡе Олаф Шольц аофициалтә визитла Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит», — иануп аинформациаҿы.