Иракли Кобахиӡе - 50 000 лари роуеит амедалқәа змоуыз Аолимпиатә гәыԥ алахәылацәа зегьы
Иракли Кобахиӡе - 50 000 лари роуеит амедалқәа змоуыз Аолимпиатә гәыԥ алахәылацәа зегьы

Миллионбжак лари роуеит амедалқәа раиура зылымшаз Аолимпиатә гәыԥ алахәылацәа зегьы, — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр  Иракли Кобахиӡе Ацеремониақәа рхан аҟны аолимпиатә спортсменцәа рыдкылара аценемониаҿ данықәгылоз.

Кобахиӡе иажәақәа рыла, аԥаратә ҳамҭақәа азыҟаҵаҩцәа, амедицинатәи ацхырааратәи персоналгьы роуеит.

«Миллионбжак лари роуеит амедалқәа раиура зылымшаз Аолимпиатә гәыԥ алахәылацәа зегьыю Иара убас аԥаратә ҳамҭақәа азыҟаҵаҩцәа, амедицинатәи ацхырааратәи персоналгьы роуеит.», — иҳәеит аԥыза-министр.

Нанҳәа 12 рзы Аҧыза-министри апарламент ахантәаҩи аҳәамҭа еицыҟарҵеит, аҳәамҭаҿ ишазгәаҭаз ала,  ҳспортсменцәа рықәҿиарақәа рыхә ашьаразы, аолимпиадаҿы амедалқәа згаз аспортсменцәа зегьы аҳәынҭқарратә анашьамҭазы рықәыргыларазы аӡбара рыдыркылеит.