Иракли Кобахиӡе - Иахьа, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь 35 шықәса анҵы, ақырҭуа патриот цыҧхьаӡа згәыдурала иҳәар илшоит Қырҭтәыла, зеиҧшҟамлац ала зхы иақәиҭу, ихьыҧшым атәыла шакәу
«Иахьа, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь 35 шықәса анҵы, ақырҭуа патриот цыҧхьаӡа згәыдурала иҳәар илшоит Қырҭтәыла, зеиҧшҟамлац ала зхы иақәиҭу, ихьыҧшым атәыла шакәу», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш инамаданы имҩаҧгаз аныҳәатә усмҩаҧгатә аҿы данықәгылоз.
Кобахиӡе иҳәамҭала, ахьыҧшымреи асуверенитети рырҕәҕәара абзоуралоуп атәыла адинхаҵареи аҭынчреи рыхьчареи еиҧҟьарада аҿиареи шалшаз.
«Қырҭтәыла аҳәынҭқарратә хьыҧшымра аиҭашьақәыргылара инаркны 35 шықәса ҵит. Убри амш инаркны, ҳара, ҩынҩажәашықәсатәи Моисеи имҩа ҳаныланы ацара наҳагӡоит. Иахьа, ахьыҧшымра аиҭашьақәыргылара ашьҭахь 35 шықәса анҵы, ақырҭуа патриот цыҧхьаӡа згәыдурала иҳәар илшоит Қырҭтәыла, зеиҧшҟамлац ала зхы иақәиҭу, ихьыҧшым атәыла шакәу. Ахьыҧшымреи асуверенитети рырҕәҕәара абзоуралоуп атәыла адинхаҵареи аҭынчреи рыхьчареи еиҧҟьарада аҿиареи шалшаз. Ари амҩа хымҧада Ашьамдгьыл аҟынӡа ҳнанагоит — ҳмилаҭтә хықәкқәа зегьы рынагӡаранӡа ҳнанагоит, еидҵоу ишәҭыкакаҷу Қырҭтәыланӡа ҳнанагоит.
Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Ахьыҧшымра амш, ақьырсианра аҳәынҭқарратә религиас алаҳәара инаркны 1700 шықәса аҵра шәыдысныҳәалоит. Иныҳәазааит ихьыҧшым, иаку Қырҭтәыла ҕәҕәа, Ҳуахәама хадеи ҳаҧсадгьыли Анцәа иныҳәааит», — иҳәеит аҧыза-министр.