Иракли Кобахиӡе – Иахьа афранцыз еилахәыра Groupe ADP-и ҳареи Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҭбаара иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩуеит,  аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, дара аҳаирбаҕәаза арҭбаара апроект иаларҵоит  150 миллион адоллар аинвестициа
Иракли Кобахиӡе – Иахьа афранцыз еилахәыра Groupe ADP-и ҳареи Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҭбаара иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩуеит,  аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, дара аҳаирбаҕәаза арҭбаара апроект иаларҵоит  150 миллион адоллар аинвестициа

Афранцыз еилахәыра Groupe ADP-и ҳареи Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҭбаара иазку аиқәшаҳаҭра ҳнапы аҵааҩуеит. Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, аҳаирбаҕәаза арҭбаара апроект иаларҵоит  150 миллион адоллар аинвестициа. Уи абзоурала, апассаџьырцәа рхыҧхьаӡара аизырҳареи, еиҧҟьарада асервисқәа реиҕьтәреи, апассаџьырцәа ишәарҭам акомфорттә лагылазаара рзеиқәырәшареи ҳалшоит, – иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҭбаара апроект аӡыргараҿы данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иҳәамҭала, аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны,  Groupe ADP иатәу аилахәыра  TAV даҽа хәышықәса,  2031 шықәсанӡа, Вазиани жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза ҿыц дыргылаанӡа,  Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза анапхгара азнауеит.

„Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза атәылаҿы зҵакы дуу астратегиатә инфраструктуратә обиектуп, уи аекономикеи атуризми рҿиараҿы алагала ҷыда ҟанаҵоит.  2025 шықәса Қырҭтәыла атуризми авиациеи рҿиаразы зеиҧшҟамлац ала ибзиан, убри аҟынтә, лабҿаба иубарҭахеит аҳаирбаҕәаза хымҧада ишырҭбаатәу.  Ҵыҧх ҳтәылашҟа имҩаҧган 5,5 миллион атуристтә визитқәа, уи аҭоурыхтә максимумуп. Ҵыҧх атәыла аҳаирбаҕәазақәа рыхҧагьы рхы иадырхәит 8,5 миллионҩык апассаџьырцәа. Уигьы арекордтә арбагоуп. Қырҭтәыла аекономика, лымкаала атуризми авиациеи ирласны рҿиара абзоурала,  атәылаҿы авиаеилахәыра ҿыцқәа аусура иалагеит, авиареисқәа ҿыцқәа ҳзацлеит, Қырҭтәылеи адунеи иреиҕьу авиацентрқәеи рыбжьара аимадара еиҕьхеит, арегионалтә, иара убас, аглобалтә авиақәыҧшылараҿы ҳтәыла ароль иаҳа иҕәҕәахеит. Аинвестициеи, аҿыцҧшьгареи, иҳаракӡоу астандартқәеи иахьеиқәшәо аҭагылазаашьақәа аҧаҳҵоит, аҳәынҭқарра аҭышәынтәалареи ииашоу аҧҟарақәеи еиқәнаршәоит. Абри аҩыза азнеишьоуп жәларбжьаратәи авиациаҿы ҳтәыла ароль арҕәҕәареи Қырҭтәыла ауааҧсыра иҭышәынтәалоу ахырҳагара рзеиқәыршәареи  ҳалзыршо,“- иҳәеит аҧыза-министр.

Иракли Кобахиӡе аекономикатә азҳара атенденциа бзиақәа дырзааҭгылан, ишиҳәаз ала, ари аганахьала Қырҭтәыла Европаҿ аҧхьагылара амоуп.

„5 шықәса ирылагӡаны ҳтәыла економикатә азҳара абжьаратә арбага 9.3% иаҟароуп, ҳноминалтә економика 16 миллиард адоллар аҟынтә  37.5 миллиард адоллар аҟынӡа иазҳаит. Ҳәарада, абри аласра абзоурала, ҳтәылаҿы атуризми авиациеи иаҳа рырҿиара ҳалшоит. Иахьатәи амш агәыҕра ду ҳнаҭоит наҟ-наҟ ҳтәыла аҿиара аласра иаҳа ишдухо,“- иҳәеит Иракли Кобахиӡе.

Аҧыза-министр аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, аҳәаанырцәтәи апартниорцәеи, Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҭбаара иазку аиқәшаҳаҭра армазеира  иалахәыз ауааҧсыреи ҭабуп ҳәа реиҳәеит.

Апроект аҵакы иалацәажәеит аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии Groupe ADP ахантәаҩи агенералтә директори Филлип Паскали.

Аусмҩаҧгатә аҿы рнапы зҵарҩыз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, афранцыз еилахәыра ари апроект 150 миллион адоллар аланаҵоит, Қарҭтәи аҳаирбаҕәаза атерминал  шықәсыктәи ахысралшара 10 миллионҩык апассаџьырцәа рҟынӡа азнарҳауеит. Адокумент рнапы аҵарҩит Қырҭтәыла Аҳаирбаҕәазақәа реидгыла агенералтә директор Леван Мосешвилии  TAV Georgia аменеџьер хада Ҭеа Зақараӡеи.

Қарҭтәи жәларбжьаратәи аҳаирбаҕәаза арҭбаара апроект аӡыргара мҩаҧигеит афранцыз авиациатә гәыҧ ADP иалахәы аилахәыра TAV Airports ахада Серқан Каптан.

Аусмҩаҧгатә рхы аладырхәит аиҳабыреи апарламенти рылахәылацәеи адипломатиатә корпуси абизнеси ахаҭарнакцәеи.