Иракли Кобахиӡе  -  Иааиуа амшқәа рзы «Амилаҭтә ҵысра» апарламент алалара рықәшәоит, уи рыҧсыҽреи рыҵахареи ауп иаанаго
Иракли Кобахиӡе  -  Иааиуа амшқәа рзы «Амилаҭтә ҵысра» апарламент алалара рықәшәоит, уи рыҧсыҽреи рыҵахареи ауп иаанаго

«Ақырҭуа гәахәтәы» ахантәаҩы  Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, иааиуа амшқәа рзы «Амилаҭтә ҵысра» апарламент алалара рықәшәоит.

Кобахиӡе игәаанагарала,  «Амилаҭтә ҵысра» иаҵахеит.

«Амилаҭтә ҵысра ахаҭарнакцәа апарламент иалалаз егьырҭ аоппозициатә партиақәа ирхарарҵон агха шәыхьит ҳәа, аха, уажәшьҭа даргьы апарламент алалара рықәшәоит. Уи рыҧсыҽреи рыҵахареи ауп иаанаго», — иҳәеит Кобахиӡе.

«Амилаҭтә ҵысра» апарламент алалара иазкны макьана аӡбара рыдрымкылацт. Иҳаҩсыз амчыбжь азы апартиа ахантәаҩы Ника Мелиа, Киев, Михаил Саакашвили диҧылеит. Мелиа ишааицҳаз ала, ари азҵааразы аӡбара рыдыркылоит амза анҵәамҭазы.