Иракли Кобахиӡе – Ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рахь иҧсабаратәым аинтервенциа ҳҭахым, ақырҭуа жәлар дара рхала рҧеиҧш рыӡбароуп, абасоуп ҳпозициа шыҟоу
Иракли Кобахиӡе – Ҳтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рахь иҧсабаратәым аинтервенциа ҳҭахым, ақырҭуа жәлар дара рхала рҧеиҧш рыӡбароуп, абасоуп ҳпозициа шыҟоу

 

«USAID, NED  уҳәа, еиуеиҧшым афондқәа иаркуп  — уи америкатә администрациа рыӡбароуп. Аха, абри аҩыза аҭагылазаашьаҿы,  Европа имҩаҧысуа аполитикатә процессқәа рзгьы анырра ду змоу иформалым амчқәа абарҭ ахықәкқәа рынагӡаразы европатәи афондқәа рхархәара шырҭаху ҳбоит», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр  Иракли Кобахиӡе Еврокомиссиа апланқәа ирызкны ирҭаз азҵаара аҭак аныҟаиҵоз. Ишдыру ала, Еврокомиссиа иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәеи АИХқәеи ирызку афинансыркра  600%-ла аизырҳара ргәы иҭоуп.

Аиҳабыра рнапхгаҩы ишиҳәаз ала, Қырҭтәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рахь иҧсабаратәым аинтервенциа ҳҭахым, ақырҭуа ҳәынҭқарра аҧеиҧш рыӡбароуп ақырҭуа жәлар, атәыла аҩныҵҟа.

«Ҳара, излауа ала, ҳтәыла ҳахьчароуп. Аҩныҵҟатәи аусқәа рахь изакәызаалак иҧсабаратәым аинтервенциа ҳҭахым. Ақырҭуа жәлар дара рхала рҧеиҧш рыӡбароуп, абасоуп ҳпозициа шыҟоу. Абри ауп изызку  „Аартызаареи“,  „Агрантқәеи“ ирызку азакәанқәа, ҳәарада, ҳара аҵыхәанӡа ари апринцип ҳахьчоит. Ақырҭуа ҳәынҭқарра аҧеиҧш иӡбазароуп Қырҭтәыла аҩныҵҟа,  ақырҭуа жәлар рыла», — иҳәеит аҧыза-министр.