Иракли Кобахиӡе  - Ҳара Украина ҳаиҷаҳароуп, Саакашвили ихақәиҭтәра  - дара рзы иацҵаны ахыхь иаҩызоуп
Иракли Кобахиӡе  - Ҳара Украина ҳаиҷаҳароуп, Саакашвили ихақәиҭтәра  - дара рзы иацҵаны ахыхь иаҩызоуп

«Ҳара Украина ҳаиҷаҳароуп.  Саакашвили абахҭаҿ иааныжьразы даҽа аргументк ҳамоуп – аҩ-тәылак ҳреиҷаҳароуп», — иҳәеит апарламенттә аиҳара алидер  Иракли Кобахиӡе.

Иара иажақәа рыла, Саакашвили ихақәиҭтәразы аполитикатә мзызк иҟам. Кобахиӡе ишиҳәаз ала,  «Саакашвили ихақәиҭтәра  –  Украинеи Қырҭтәылеи рзы  иацҵаны ахыхь иаҩызоуп».

«Иара ихақәиҭтәра  Украинагьы Қырҭтәылагьы иаҧырхагахар ауеит. Убри аҟынтә,  Саакашвили ихақәиҭтәразы изакәызаалак аполиткиатә мзызк иҟам. Ҳара Украина ҳаиҷаҳароуп, ари атәыла аҩызарала иаҳзыҟоуп,  уаҟа уезгьы аҭагылазаашьа цәгьоуп,  аҭагылазаашьа иаҳа  еицәамхарц азыҳәан,  Саакашвили абахҭа дҭакызар еиҕьуп. Саакашвили ихақәиҭтәра  –  Украинеи Қырҭтәылеи рзы  иацҵаны ахыхь иаҩызоуп », — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.