Иракли Кобахиӡе Франциа асенат Европатәи аусқәа рзы акомитет аделегациа алахәылацәа дырԥылеит
Иракли Кобахиӡе Франциа асенат Европатәи аусқәа рзы акомитет аделегациа алахәылацәа дырԥылеит
Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Франциа асенат Европатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы Жан-Франсуа Рапени акомитет аделегациа алахәылацәеи дырԥылеит. Аиԥылараҿ иазгәаҭан ҩтәылак ирыбжьоу апартниорра ӷәӷәа, урҭ рыбжьара азакәанԥҵаратә еиҿкаарақәа ирыбжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа.

Аиԥылараҿ зҵаара хаданы иқәгылан Европа ахеилак Қырҭтәыла акандидат статус анашьара азҵаара.  Иракли Кобахиӡе ишазгәеиҭаз ала, иашьҭанеиуа хықәкы Евроеидгыла алаларазы аиҿцәажәара алагара ауп, ари азы Қырҭтәыла алшо зегь шыҟанаҵо.

Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Франциа асенат Европатәи аусқәа рзы акомитет ахантәаҩы Жан-Франсуа Рапен иҭабуп ҳәа иаиҳәеит Қырҭтәыла асуверенитети атерриториатә акзаареи, Қырҭтәыла евроинтеграциа адгылареи рзы.