Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ҧхынгәы 18 рзы Иеиду аҳраҿ имҩаҧысуа Европа аполитикатә аидҵара асаммит ихы алаирхәоит.
Британиа дуи Аҩадатәи Ирдландиеи иеиду аҳра аҧыза-министр 50 раҟара атәылақәа рлидерцәа идикылоит Вудсток ақалақьаҿ, Блунҳаим аханаҿ.
Европа аполитикатә аидҵара асаммитаҿ излацәажәо азҵаарақәа иреиуп Украина имҩаҧысуа ахҭысқәеи азакәандаратә миграциеи. Асаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны, атематикатә дискуссиақәагьы мҩаҧысуеит.
Аҧыза-министр ипрессмаҵзура адыррақәа рыла, Европа аполитикатә аидҵара аҧшьбатәи асаммит аҿы Қырҭтәыла аҧыза-министр ицзаауеит Қырҭтәыла аделегациагьы. Аделегациа иалоуп адәныҟатәи аусқәа рминистр Илиа Дарчиашвилии аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.