Қырҭтәыла аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, адәныҟатәи аусқәа рминистр Мака Боҷоришвили Ҭаџьиқистан лҭаараан Ареспублика Ҭаџьикистан адәныҟатәи аусқәа рминистр Сироџьиддин Мухриддин диԥылеит.
Қырҭтәыла адәныҟатәи аусқәа рминистрра излаанацҳауа ала, аминистрцәа ирылацәажәеит аҩганктәи аусеицуреи жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рыҩнуҵҟа аиҿцаареи. Урҭ инаҵшьны иазгәарҭеит Қырҭтәылантәи раԥхьаӡатәи иҳараку аҩаӡара змоу аофициалтә визит аҵак ду шамоу, уи аусеицура арҵауларазы ашьаҭа ӷәӷәа шьақәнаргылоит.
“Абри аҳәаақәа ирҭагӡаны, Қырҭтәылеи Таџьикистани рыбжьара иҳараку аҩаӡараҿы адиалог амҩаԥгара ахымԥадатәра азгәаҭан. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Абжьаратәи акоридор аҿиареи арегионалтә усеицура аганахьала аџьабаа арӷәӷәареи”, – аҳәамҭа ҟаҵоуп Адәныҟатәи аусқәа Рминистрраҿы.