Иракли Кобахиӡе ЕАР Атуризм аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Шаиха Насел Аль Новаис дылҧылеит 
 Иракли Кобахиӡе ЕАР Атуризм аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Шаиха Насел Аль Новаис дылҧылеит 

 Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ЕАР Атуризм аиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада Шаиха Насер Аль Новаис дылҧылеит. 

Иракли Кобахиӡе Шаиха Насер Аль Новаис амаӡаныҟәгаҩ хадас лалхра лыдныҳәаланы, ақәҿиарақәа лзеиҕьеишьеит. Амаӡаныҟәгаҩ хада Қырҭтәыла аиҳабыра ҭабуп ҳәа ралҳәеит лкандидатура адгыларазы. 

Аиҧылараҿы Қырҭтәыла аиҳабыреи ЕАР Атуризм аиҿкаареи рыбжьара ишьақәгылаз акыршықәсатәи аусеицура иалацәажәеит. Иаҵшьны иазгәаҭан Қырҭтәыла атуризм азҳара адинамика бзиеи атәыла иамоу еиуеиҧшым атуристтә алшарақәеи. Ишазгәаҭаз ала, 2025 шықәсазы Қырҭтәыла иаҭааит  5,5 миллинҩык иреиҳаны жәларбжьаратәи атуристцәа, уи атуристтә визитқәа рганахьала аҭоурыхаҿ зеиҧшҟамлац ала идуу арбагоуп. Иара убас, аиҧылараҿы ирзааҭгылеит атуристтә потенциал иаҳа арҭбаара амзызла Қырҭтәыла аиҳабыра иҟарҵо ашьаҿақәа. 

Аҧыза-министр Шаиха Насер Аль Новаис Қырҭтәылаҟа дааиҧхьеит. 

Дубаи имҩаҧысуа Адунеитә еиҳабырақәа рсаммит аҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаҧгаз аиҧылара рхы аладырхәит Қырҭтәыла адәныҟатәиа усқәа рминистр Мака Боҷоришвилии, аекономикеи иҭышәынтәалоу аҿиареи рзы аминистр Мариам Қвривишвилии, аиҳабыра радминистрациа аиҳабы Леван Жоржолиании.