Иракли  Кобахиӡе  — Азакәан аилагара хьырхәрада иаанымхароуп, ҳуааҧсыра ибзиаӡаны ирбеит атәыла анапхгара ари аус иахәҭоу,  иашьашәалоу ақәҿыҭра шарҭаз 
Иракли  Кобахиӡе  — Азакәан аилагара хьырхәрада иаанымхароуп, ҳуааҧсыра ибзиаӡаны ирбеит атәыла анапхгара ари аус иахәҭоу,  иашьашәалоу ақәҿыҭра шарҭаз 

«Ҳара ҳзы зегьы дара роуп ацәгьаура ҟазҵаз  — баша тәылауаҩк иакәу азинхьчаратә органқәа рхаҭарнак иакәу, ишыҟазаалакгьы, азакәан аилагара хьырхәрада иаанымхароуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе ажурналист изҵааразы аҭак аныҟаиҵоз.

Иара иажәақәа рыла, ауааҧсыра ибзиаӡаны ирбеит атәыла анапхгара ари аус иахәҭоу,  иашьашәалоу ақәҿыҭра шарҭаз.

„Абарҭ акадрқәа аларҵәара ахьроуз даараӡа ибзиоуп, избанзар,  атәыла анапхгара зыҧшра ҟамҵакәа ари афакт ақәҿыҭра алшара роуит.  Ари ахҭыс даараӡа ихьанҭан. Ҳуааҧсыра ибзиаӡаны ирбеит атәыла анапхгара ари аус иахәҭоу,  иашьашәалоу ақәҿыҭра шарҭаз. Иарбанзаалак азинеилагара, ҷыдала, абри аҩыза азинеилагара, ихьырхәрада иаанымхароуп. Азинхьчаратә органқәа русушьа ииашазароу, уи аҵакы ду амоуп. Абри аҧҟароуп   2012 шықәса ашьҭахь ишьақәҳаргылаз. Иахьа ирыдыркылаз ақәҵара ари аҧҟара ахьчара иацхраауеит“, — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.