Иракли Кобахиӡе - Атәылахьчаратә мчқәа рхы иамеигӡакәа, амотивациа ду рыманы, агәадурала ақырҭуа арратә традициақәа нарыгӡоит
Иракли Кобахиӡе - Атәылахьчаратә мчқәа рхы иамеигӡакәа, амотивациа ду рыманы, агәадурала ақырҭуа арратә традициақәа нарыгӡоит

«Ҳара ҳзы ар аибашьразхиазаара арӷәӷәареи, ҳаамҭазтәи абџьарла аибыҭареи, аинфраструктура амодернизациеи иприоритетуп», — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рымш инамаданы имҩаҧгаз агәырҕьаратә уснагӡатәаҿ еизаз ауаажәлар рҿаҧхьа данықәгылоз.

Аиҳабыра рнапхгаҩы иажәақәа рыла, аҵак ду амоуп жәларбжьаратә партниорра арҭбаара.

Ҳпартнироцәа арҭ ашықәсқәа ирылагӡаны Қырҭтәыла атәылахьчаратә мчқәа рырӷәӷәара ахырхарҭала иҳзаадырԥшыз адгылареи ацхыраареи рзы иҭабуп ҳәа расҳәоит. Атәылахьчаратә мчқәа рхы иамеигӡакәа, амотивациа ду рыманы, агәадурала ақырҭуа арратә традициақәа нарыгӡоит

Даҽазнык ишәыдысныҳәалоит Қырҭтәыла Атәылахьчаратә мчқәа рымш», — иҳәеит Қырҭтәыла аԥыза-министр Иракли Кобахиӡе.