Иракли Кобахиӡе  - Ақырҭуа жәлари  ҳареи амилаҭтә интересқәа ҳахьчоит, изеиҧшразаалакгьы  аҽазышәарақәа ҳармыхәаҧшкәа, наҟ-наҟгьы ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара наҳагӡоит 
Иракли Кобахиӡе  - Ақырҭуа жәлари  ҳареи амилаҭтә интересқәа ҳахьчоит, изеиҧшразаалакгьы  аҽазышәарақәа ҳармыхәаҧшкәа, наҟ-наҟгьы ҳтәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчара наҳагӡоит 

Қырҭтәыла аҧыза-министр Иракли Кобахиӡе иҳәамҭала, ақырҭуа жәлари атәыла анапхгареи атәыла амилаҭтә интересқәа рыхьчарц рыӡбеит, ақәыҕәҕәара ҕәҕәа иамыхәаҧшкәа, наҟ-наҟгьы убасҵәҟьа инарыгӡоит.

Ажурналист аҧыза-министр диазҵааит  «Москватәи амеханизм» аҳәаақәа ирҭагӡаны ОБСЕ ицәырнагаз адокумент Қырҭтәыла ақәыҕәҕәаразы аполитикатә хархәагас иҟалар ауама ҳәа. 

«Ҳара еиҧҟьарада абри аҩыза аҽазкрақәа ҳбоит. Аха, уажәраанӡагьы алҵшәа рхылымҵит, наҟ-наҟгьы изакәызаалак алҵшәак рхылҵуам. Ақырҭуа жәлари ҳареи ҳмилаҭтә интересқәа ҳахьчарц ҳаӡбеит, егьа иҳақәыҕәҕәаргьы, наҟ-наҟгьы ҳмилаҭтә интересқәа рыхьчара наҳагӡоит. Арҭ аҽазкрақәа акгьы иаҧсам, уи  «Москватәи амеханизм» аҳасабырба атекст алагьы иубарҭоуп», — иҳәеит  Иракли Кобахиӡе.